2022 шықәса жәамз ирылагӡаны аплан 120% рҟынӡа инаӡоит, Иацҵан инагӡоу аицҵалыҵ 403,0 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 2021 шықәса 10 мыз ирылагӡаны иалагалаз ашәатәқәа ирҿырԥшны алагалара адинамика 229,6 млн. мааҭ рыла еиҳахеит.
04.Абҵара.2022
2022 ШЫҚӘСА 10 МЫЗ ИРЫЛАГӠАНЫ АҲАЗЫЛХРАТӘ ШӘАТӘҚӘА РАҲАСАБАЛА АБИУЏЬЕҬ ИАЛАГАЛАХЕИТ 2,4 МЛРД. МААҬ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза, 2022 шықәса рзы аҳазылхратә шәатәқәа раҳасабала иалагалахеит 262,5 млн. мааҭ, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы. Уи 19,1 млн. мааҭ рыла аплан ишьақәнаргылоз арбагақәа раасҭа еиҳауп. Аплан нагӡоуп 108% рыла.
2022 шықәса 10 мыз ирылагӡаны аҳазылхратә шәатәқәа раҳасабала илагалаз аԥаратә хархәагақәа 2 млрд 404,8 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.