АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 4:13

Иахьа 27 шықәса ҵит «Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы акт» анапы аҵаҩуижьҭеи

Жьҭаарамза 12, 1999 шықәса рзы Аҳәынҭқарра ахада Владислав Арӡынба, Апарламент аиҳабы Сократ Џьынџьал, Апарламент адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы акт»рнапы аҵарҩит. Ари ахҭыс иаԥхьанеиуан жьҭаарамза 3, 1999 ш. иҟаз ареферендум, уи аихшьаалақәа рыла 97,7% атәылауаа абҵарамза 26, 1994 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу асовет иаднакылаз аус зуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иақәшаҳаҭхеит.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымразы» акт Аԥсны аҳәынҭқарра асуверентә ҳәынҭқарратә статус азинтә еиқәыршәара апроцесс хнаркәшеит. Ажәлар ргәаҳәара шьаҭас иҟаҵаны, ишьақәырӷәӷәан, ирылаҳәан Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра. Адокумент аҟны иара убасгьы ианын Еиду амилаҭқәа реиҿкаареи, ОБСЕ-и, адунеи аҳәынҭқаррақәа зегьи рахь Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарраны иазхарҵарц ааԥхьара.

Read 32 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.