АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жьҭаара.2026

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц диԥылеит ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков

Аиԥылара мҩаԥысит Урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭаҿы ҳәа аанацҳаит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура. Аганқәа алацәажәеит аԥсуа-аурыс усеицура аҭагылазаашьеи ԥхьаҟатәи аҿиареи, иара убас ҩ-ганктәи аинырра апрактикатә зҵаарақәа.
Хазы ахшыҩзышьҭра аҭан Аԥсны атәылауаа Урыстәылатәи атәылауаҩра роура азҵаара. Барцыц Гладков иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Урыстәылатәи аган иахәҭоу апроцедурақәа рырццакраҿы иахьацхрааз азы.
 
Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицура адепартамент аиҳабы Џьемал Бганба, Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинов, адипмиссиа актәи амаӡаныҟәгаҩ Алексеи Желыгин.

Read 49 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.