АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Абҵара.2022

АԤСНЫ АӠБАҨЦӘА РЕИЗАРА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 2, 2022 шықәса рзы имҩаԥысит Ареспублика Аԥсны аӡбаҩцәа реизара.  

Абжьаҟазаратә ӡбарҭа асаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аԥышәаратә комиссиа 2019 - 2022 шш. азы акомиссиа ала имҩаԥгаз аусура азы  ахантәаҩы Генри Гамисониа иҟаиҵаз аҳасабырба иазыӡырҩит. Аизара иарбоу аҳасабырба рыдыркылеит.

«Аӡбаратә мчра азы» Ареспублика Аԥсны Аконституциатә Закәан ахәҭаҷ 146 инақәыршәаны, аӡбаҩцәа реизара Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаҩыс раԥхьаӡа акәны иалырхыз Екатерина Адлеибеи  Беслан Берулааи рҭоуба рыдыркылеит. .

Аӡбаҩцәа реизара аӡбамҭала аӡбаҩцәа Рхеилак аилазаара ахь иалхуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Генри Гамисониа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа рыквалификациатә Коллегиа алахәылацәас иалхуп азеиԥш иурисдикциа аӡбаҩцәа рҟынтәи – Маиа  Кәыҵниа, Милан Џьынџьолиа, Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аҟынтәи – Лиудмила Амҷбеи Кама Џьопуеи.

«Аӡбаратә мчра азы» Ареспублика Аԥсны Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 160 инақәыршәаны, Аԥышәаратә комиссиа аилазаара ахь иалхуп: Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҟынтәи Роман Кәарҷиеи Оксана Ԥлиеи, Аԥсны Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аҟынтәи Аксида Џьениеи  Кама Арсҭааи.


Read 281 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.