АЖӘАБЖЬҚӘА
сегодня 15:47
Ареспублика былтәыла аиқәыршәара иазку азҵаарақәы ирылацәажәеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи аенергетика аминистр Баҭал Мышәбеи
Аминистр Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит иахьазы былтәыла аиқәыршәара аҭагылазаашьа ҭышәынтәалеит ҳәа иуԥхьаӡар шалшо.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иҟоуп ҩ-нызқь тонна рҟынӡа абылтәы АИ-92, 2,5 нызқь тонна рҟынӡа абылтәы АИ-95, 3,7 нызқь тонна рҟынӡа адизельтә былтәы рҭаҵәахқәа. Иара убас, амҩа иқәуп ҩ-нызқь тонна рҟынӡа абылтәы, урҭ иааиуа амчыбжь нҵәаанӡа ареспубликахь иаароуп.
Баҭал Мышәба иажәақәа рыла, узқәымгәыӷуа аҭагылазаашьақәа ҟамлар, иааиуа амза иалагӡаны Аԥсныҟа даҽа 3,5 нызқь тонна рҟынӡа абылтәи х-нызқь тонна рҟынӡа адизельтә былтәи аара иазыԥшуп.
Аминистр иазгәеиҭеит иҟоу аҭагылазаашьаҿы акоммерциатә наплакқәа ишрылшаз абылтәы анагаразы амҩақәа рышьақәыргылара. Уи иалнаршеит аҩныҵҟатәи аџьармыкьаҿы аҭагылазаашьа аиӷьтәра.
Убри аан Баҭал Мышәба иазгәеиҭеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьақәа абылтәы ахәԥса ишаныԥшыз. Ахәқәа реизҳара ареспублика иахьыԥшым аобиективтә мзызқәа ирыдҳәалоуп.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аминистр иажәахә даназыӡырҩы, аҭагылазаашьа уадаҩ ахь ахынҳәра алмыршаразы иахәҭоу амчқәеи аԥареи зегьы нашьҭызарц адҵа ҟаиҵеит.
Атәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит уаанӡа Урыстәылантәи абылтәы аагара зыруадаҩуаз амзызқәа макьана инагӡаны ишаԥыхым. Убри инадҳәаланы ишьақәыргылоу аагаратә каналқәа еиқәырхатәуп.
Аҳәынҭқарра ахада иара убасгьы анапынҵа ҟаиҵеит урыстәылатәи иколлегацәеи иареи ианаамҭоу иахәҭоу аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргаларц, ареспублика абылтәы хкы хадақәа зегьы — абылтәы АИ-92, АИ-95, адизельтә былтәы рыла аиқәыршәара азҵаарақәа иааиԥмырҟьаӡакәа ахылаԥшра рырҭаларц.






