Аусбарҭа хықәкы хадас иамоуп
агаҿа аҭыԥқәа рҿы аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара — уи ареспублика аҳҭнықалақь аҿы ашықәс зегьы атуристцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара иазырхоуп.
Урыстәылатәи Афедерациаҿы аиԥш зеиԥшу аусбарҭақәа рԥышәа рымдара хықәкыс иҟаҵаны Сергеи Кириенко иаԥшьгарала еиҿкаан 21-ҩык злахәыз аделегациа Нижни Новгородҟа, Казаньҟа, Москваҟа усутә визитла рцара. Аҭаараан алахәылацәа аиԥш-зеиԥшу адирекциақәа русушьа еилыркааит, ауаажәларратә ҵакырақәа рнапхгареи акультура-массатә усмҩаԥгатәқәа реиҿкара азнеишьақәеи ҭырҵааит.
Имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа реихшьаалақәа рыла аделегациа Аҟәатәи аԥшаҳәа Адирекциа аиҿкааратә структура апроект шьақәнаргылеит, иара убас 2026-2027 шықәсқәа рызтәи ахҭысқәа рымзар аус аднаулеит.
Аԥснытәи аспециалистцәа ҿарацәа рделегациа усутә визитла рныҟәара ацхыраара арҭеит аплатформа «Урыстәыла — алшарақәа ртәыла» адиректор хада Андреи Бетини ауаажәларратә проектқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Журавскии.






