Асҭамыр Гәниа Урыстәылатәи иколлегацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵо ацхырааразы, иазгәеиҭеит аусеицура алҵшәа бзиақәа иаанарԥшуа уи аԥхьаҟагьы ишдырҿиало, аинырра аҩаӡара шыҳараку.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр анаҩстәи аусеицуразы дшазыхио шьақәирӷәӷәеит, иагьазгәеиҭеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра аспециалистцәа иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсныҟа раара, аилацәажәарақәа, ателемедицинатә консультациақәа рымҩаԥгара ишалнаршо аиҿкааратәи амедицинатәи ҟазшьа змоу азҵаарақәа рыӡбара.
Михаил Мурашко иганахьала инаҵшьны иазгәеиҭеит ҩ-ганктәи аусеицура иаиуз ақәҿиарақәа, агәрагара ааирԥшит иазԥхьагәаҭоу апланқәа шынагӡахо ала.






