АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 22:02

«Атәым хәыҷы дыҟаӡам»: Маиа Цыбулевскаиеи Кама Аӡынбеи «Аҭаацәаратә ҩны» иаҭааит

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маиа Цыбулевскаиеи асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Кама Аӡынбеи акризистә центр «Аҭаацәаратә ҩны» иаҭааит. Аиԥылараан ааӡамҭацәа рыбзазареи рынхашьа аҭагылазаашьақәеи еилыркааит, иара убас аусбарҭа аколлективи анапхгареи ирыҿцәажәеит.

Ацентр аусура иалагеит 2024 шықәса мшаԥымзазы. Уи анапхгаҩы Кама Гоԥиа ишеиҭалҳәаз ала, актәи аетап аан апроект аус ауан ауаажәларра гәыҳалалратә еиҿкаара «Панорамеи» иара убас егьырҭ афондқәеи рыцхыраара иабзоураны.

Аха аханатә еилкаан иааиԥмырҟьаӡакәа аусура шхымԥадатәиу. Ачынуааи, адепутатцәеи, аминистррақәеи рыҿцәажәара иабзоураны 2026 шықәса рашәарамзазы аиҿкаара официалла ҳәынҭқарратә усбарҭак аҳасабала иҭаҩын.

Акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит аинфраструктуратә зҵаара хада аӡбарагьы. Иаахәан Ҷанба имҩала игылоу ацентр азы ахатәы хыбра.

«Ҳара, ҳәарада, аҳәынҭқарреи, амеценатцәеи, ҳҩызцәеи рыдгылара ҳақәгәыӷуеит. Ҳара афинанстә цхыраара ду ҳҭаххоит акризистә центр атехникатә нормақәа зегьы ирықәшәарц азы», – ҳәа азгәалҭеит Кама Гоԥиа.

Иаахәоу ахыбраҿы шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара ахьаҭахәу азы аиасра аамҭа аҭаххоит, уаанӡа иааиуа ашықәс ааӡамҭацәеи арҵаҩцәеи қьырала игоу аҩнаҿы иҟазаауеит.


Read 38 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.