Аҟәа. Абҵарамза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы Акомиссиа ахантәаҩы Артиом Туров напхгара зиҭоз Беларусиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара аделегациа даԥылеит.
Асасцәа аԥсшәа раҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рзакәанԥҵаратә, мамзаргьы анагӡаратә мчхараҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбаара шаҭаху.
«Еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рыҟны ҳара ҳаимадарақәа рыцҵара ҳажәлар, ҳуааԥсыра ирыдҳәалоу, ииашоу ахырхарҭа рызҭогьы акәны иҟазароуп. Еснагь ус иҟан, убри аҟынтә сара агәахәа бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит зегьы ҳзы иуадаҩу аамҭазы», - ҳәк иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа рыҟны Аԥсни, Урыстәылеи, Беларусиеи рыжәларқәа ирыбжьоу аиҩызара шарӷәӷәо. «Ҳарҭ акрааҵуеит ҳаибадыруеижьҭеи, ҳаизааигәахеижьҭеи", - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аслан Бжьаниа асасцәа ирзеиҭеиҳәеит ихәыҷра иадҳәалаз ҭоурыхк.
«Сара сқыҭа гәакьаҿы Тамшь апионертә лагер ыҟан, уа Беларусынтә ахәыҷқәа рыԥсы ршьон. Сара сшыхәыҷыз убри алагер ахь сдәықәырҵеит, аурыс бызшәа сҵарц азы. Аҵыхәтәаны, саныхынҳә излеилкаахаз ала, аурыс бызшәа акәымкәа, абеларус бызшәоуп исҵаз. Иазгәаҭатәуп, апионертә лагер ыҟанаҵы ҳқыҭаҿы еилаԥсаз 17 ҭаацәара шыҟаз. Ари ҭоурых бзиоуп", - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Апарламенттә еизара аҿартә политикеи, аспорти, атуризми ркомиссиа ахантәаҩы, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәеи, евразиатәи аинтеграциеи ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадареи русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Артиом Туров Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы.
«Ара сыҟазаара гәахәароуп сара сзы. Иҭабуп ҳәа сҳәарц сҭахуп аконструктивтә ҟазшьа змаз Апарламент Аиҳаби ҳареи ҳаиҿцәажәаразы. Ҳколлегацәа-адепутатцәеи ҳареи Урыстәылеи Беларуси реиԥш, Аԥсны аинтересқәагьы ирыдҳәалоу ахырхарҭақәа жәпакы ҳрылацәажәеит. Ҳарҭ инарҭабааны аимадарақәа ҳабжьаҳҵароуп агәуманитартә, аекономикатә, аполитикатә усхкқәа рыҟны, агәра згоит, ҳажәлар рҿаԥхьа иқәгылоу ашәарҭарақәа рықәҿыҭра шҳалшо. Ҳарҭ ҳажәларқәа шәышықәсала аидгылара рыман, иреиӷьу аҵасқәеи, акультуреи, адини ҳаидыркылоит. Ас еиԥш иҟоу аформат ала раԥхьаӡа акәны Аԥсны ҳаҟоуп, иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит аамҭа ԥшааны ҳаибабара ахьалшәыршаз»,- ҳәа иҳәеит Артиом Туров.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсни Беларуссиеи рыбжьара аекономикатә еизыҟазаашьақәа рыҿиара иамоу аҵакы. «Ҳара аекономикатә ҿиара аҵак ду амоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Ааигәа Аԥсны даҳҭан Беларусиа Ахада, иазгәаҳҭаз шьаҿақәак ыҟоуп, аԥхьаҟа иҵегьы ирыцҵахоит. Ҳарҭ иаҳҭахуп ҭынч анхара-анҵыра, аҿиара. Ҳарҭ зегьы ҳаҭырла ҳарзыҟоуп, ҳахгьы ҳаҭыр ақәаҳҵоит",- ҳәа иҳәеит иара.
Апарламенттә Еизара Аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы Акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Клишевич иара убас Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиҧыларазы. «Сара раԥхьаӡа акәны ара сыҟоуп, аха Аԥсны аӡбахә саҳахьан асовет аамҭазы лассы-лассы арахь иаалоз сани сан лаҳәшьеи рыҟнытә. Сара Аԥсныҟа сцоит анысҳәа, иаасыҵашьыцит. Ара ауаа гәыла-ԥсыла рыԥсы ршьоит, ргәабзиара еиҭашьақәдыргылоит. Амшын аԥшаҳәаҿы маҷк ҳнеиааит, акаҳуа ҳжәит, иџьасшьеит ауаа шаҟа ргәы аарту. Ҳара иҳаҳахьеит Анцәа адгьыл анишоз иара ихазы иалихыз ахәҭа аԥсуаа ишшәиҭаз атәы зҳәо шәлегьенда. Ииашаҵәҟьаны, џьанаҭ ҭыԥуп», - ҳәаиҳәеит Сергеи Клишевич.
Аиԥылара мҩаԥысит аԥхарра зцыз аиҩызаратә ҟазшьа аманы.
Аиԥылара иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашот Аветисиан, Аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы Акомиссиа ахантәаҩы Артиом Туров, Аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы Акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Клишевич, Акомиссиа алахәцәа - Дмитри Басков, Ольга Петрашова, Антон Ткачиов.