1914 шықәсазы иргылаз аобиект аҿы мҽхакы ҭбаала аусурақәа хацыркхеит ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы. Аспециалистцәа иажәхьоу, ажәытә мҿтәы хыбрақәа шьаҭанкыла иқәыргахьеит ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит акапиталтә ргылара Аусбарҭа аусзуҩ Бенур Ладариа.
«Ахыбра ргылан 1914 шықәсазы. Аҩнуҵҟатәи ахыбразы ахархәара аман ақьырсҭақәа, урҭ ажәит, ибааит. Уажәы урҭ ҳаамҭазтәи, еиҳа иӷәӷәоу, узықәгәыӷша аконструкциақәа рыла иҳаԥсахуеит. Убри аан ахыбра аҿаԥшыларатә хәҭа еиҭашьақәыргылахоит аҭоурыхтә хаҿра еиқәырханы», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ладариа.
Аиҭашьақәыргылара апроект иазԥхьагәанаҭоит ижәытәӡатәиу аҵараиурҭа аинфраструктура арҿыцра. Ахыбраҿы иқәдыргылоит ҳаамҭазтәи арԥхагатә система.
Амузыкатә ҵараиурҭа еиҭашьақәдыргылоит Урыстәыла акультура аминистрра.






