АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 19:39

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц диԥылеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс иҟаҵаз Виачеслав Гладков

«Ҳара ареспубликаҿы аусура шәахьалаго  даара агәыӷра дуқәа адаҳҳәалоит», — иҳәеит аминистр.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ҳаракуп.

«Урыстәыла ҳара ҳадгылаҩ хада ауп , Аԥсны арра-политикатә шәарҭара ацәыхьчаразы адгылара ҟазҵо тәылоуп», - ҳәа азгәеиҭеит Барцыц . Уи инаҵшьны иҳәеит аекономика, агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аҿартә еиҭныԥсахларақәа рыҿиара налаҵаны азҵаарақәа жәпакы рзы ԥхьаҟатәи аинырра ишазыхиоу.

Виачеслав Гладков иакәзар иҳәеит Аԥсны цҳаражәҳәаҩыс иҟаҵара иара изы ҭакԥхықәра дуны ишыҟоу. Дазааҭгылеит ареспубликахь даанӡа афедералтә министррақәеи аусбарҭақәеи жәпакы рнапхгаҩцәа злахәыз аусуратә еиԥыларақәа шымҩаԥигаз, аҵареи, агәабзиарахьчареи, акультуреи, атранспорти русхкқәагьы уахь иналаҵаны, ԥхьаҟатәи аусеицура азҵаарақәа дышрылацәажәаз.

«Агәра ганы сыҟоуп хықәкы хадас иҳамо ҳажәларқәа, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа рышьақәыргылара ишацаҳҵо»— ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит адипломат.

Гладков иажәақәа рыла, Урыстәыла апрофильтә министррақәа азхиоуп аԥсуа гани дареи реинырра, еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡара, урҭ рылҵшәақәа аҩтәылак руааԥсыра рзы иунырыртә иҟазароуп.

Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ аԥсуа ган иҭабуп ҳәа реиҳәеит гәыблыла дахьрыдыркылаз азы, агәыӷра ааирԥшит хра злоу аусеицура мҩаԥыргалап ҳәа.

Аиԥылара анаҩсгьы Олег Барцыц иазгәеиҭеит Урыстәылеи Аԥсни реимадара иҳараку аҩаӡараҿы ишыҟоу. Иара игәалаиршәеит аҵыхәтәантәи аамҭазы ишымҩаԥысыз Аԥсны Ахадеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини реиҿцәажәарақәа.

Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит активла аинырра шымҩаԥысуа шамахамзар ахырхарҭақәа зегьы рыла, еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡара шымҩаԥысуа аҩ-тәылак рминистррақәеи русбарҭақәеи рыбжьара.

 Ҷыдала иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко ироль.

«Иазгәасҭар сҭахуп ҳусеицура иҵегьы аимпульс азҭо Урыстәыла ахада иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Владилен-иԥа Кириенко иусура, уи акрызҵазкуа апроектқәа зегьы адгылара риҭоит», - иҳәеит Барцыц.

Аминистр агәрагара ааирԥшит аусеицура ишацҵахо.

«Ҳаԥхьаҟа аус бзиақәа рацәаны иҳамоуп, урҭ, жәаҳәарада, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыжәларқәа рыбжьара ҳаиҩызаратәи ҳаиашьаратәи еизыҟазаашьақәа рыҿиара иазырхоуп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.


Read 29 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.