АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 7:45

Енвер Ажьиба Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа напхгаҩыс далхуп

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа анапхгаҩы ҿыц далхын Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аконференц-зал аҿы имҩаԥысыз Ассоциациа изаамҭанутәиу аилатәараҿы.

Енвер Владимир-иԥа Ажьиба – еицырдыруа аԥсуа поет, апрозаик, апублицист, ажурналист.

Ассоциациа ахантәаҩы изаамҭанытәим иалхрақәа мҩаԥган, 2024 шықәса раахыс ашәҟәыҩҩратә еиҿкаара напхгара азҭоз Владимир Занҭариа иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы.


Read 96 times - Ахаша, 24 Рашәара 2026 21:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.