АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 8:37

Гәыли Кьычба Урыстәыла Ауаажәларратә палата ажәбатәи аилазаара актәи апленартә еилатәараҿы дықәгылеит

Аԥсны Ауаажәларратә палата ахьӡала лколлегацәа ирыдылныҳәалеит Урыстәыла Ауаажәларратә палата аилазаара ҿыц ашьақәыргылара, иҭабуп ҳәа ралҳәеит русеицура аҿиаразы.

«Ҳара ҳзы даара акыр иаԥсоуп Урыстәыла Ауаажәларратә палата русуратә ԥышәа рымдара», - лҳәеит лара.

Гәыли Кьычба ҷыдала иалылкааит Урыстәыла Ауаажәларратә палата, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы алхрақәа раан имҩаԥнагоз ауаажәларратә хылаԥшра асистема. Лара лажәақәа рыла, ари аԥышәа даара ихәарҭахеит 2025 шықәсазы Аԥсны ахада иалхрақәа раан.

Гәыли Кьычба агәрагара аалырԥшит Урыстәыла Ауаажәларратә палата ажәбатәи аилазаара алахәылацәа иқәгылоу ауснагӡатәқәа хра рыманы ишырыӡбало, Урыстәылеи Аԥсни русеицура аҿиареи ишацырҵо ала.


Read 60 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.