АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 21:53

Ҭемыр Беиа: Ҳтәыла аграртәуп, убри аҟынтә адгьылтә ресурсқәа рыхьчара астратегиатә ҵакы амоуп

Ақыҭанхамҩа иаҵанакуа адгьылқәа егьырҭ адгьылқәа ркатегориақәа рахь риагаразы аҿҳәара ахгара азакәан апроект аимак-аиҿак цәырнагеит адепутатцәа рыбжьара.

Аграртә политикеи, аԥсабаратә ресурсқәеи, аекологиеи рзы аилак ахантәаҩы Темур Беиа ақыҭанхамҩатә дгьылқәа егьырҭ акатегориақәа рахь риагаразы аҿҳәара ацҵара ахҳәаа аиҭеит.

Адепутат иргәалаиршәеит уаанӡатәи аморатори аҿҳәара ԥхынгәымза 1 азы ишынҵәо. Убри аан Адгьылтә кодекс ҿыц апроект Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҟынтәи Апарламент ахь ианнеи иҳаҩсыз амчыбжь азы шаку. Беиа иажәақәа рыла, адепутатцәа аусшәҟәы инҭырҳәцааны ахәаԥшра иахьымӡаӡац, аха ҭагалан азы ари аус ахыркәшара ргәы иҭоуп.

«Ари азҵаара 2026 шықәса абҵарамза 1-нӡа иацаҳҵар бзиан. Иарбоу аҿҳәара иалагӡаны Адгьылтә кодекс апроект инагӡаны иҭҵаахоит», - ҳәа азгәеиҭеит Ҭемыр Беиа.

Адепутат ӷәӷәала акритика азиуит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ишьақәгылаз, асасааирҭақәеи атуристтә комплексқәеи рыргыларазы араионқәа рҿы ақыҭанхамҩатә дгьылқәа рыстатус массала аԥсахра апрактика. Иара иажәақәа рыла, асеиԥш иҟоу акоммерциатә проектқәа 99,9% рҟынӡа нагӡамызт. Адепутат агәра ганы дыҟоуп адгьылқәа ақыҭанхамҩатә еикәыршара ишалырго аиҭаҭиразы, економикатә ҿиаразы акәымкәа.


Read 62 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.