АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 17:40

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа иалагеижьҭеи 85 шықәса аҵра инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит

«1941 шықәса рашәарамза 22 XX ашәышықәсазы ирыцҳара дуны, илахьынҵаӡбаганы иҟалаз арыцхәқәа ируакуп. Ари амш аҽны иалагеит миллионҩыла Асовет Еидгыла атәылауаа ԥышәара хьанҭаны ирзыҟалаз Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа.

 Аибашьра ахьымнеиз ҩнаҭа ыҟаӡам, ҭаацәацыԥхьаӡа ирхьысит. Асовет Еидгыла егьырҭ ажәларқәа реиԥш, Аԥсадгьыл ахьчаразы игылеит Аԥсны иалҵыз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи хыԥхьаӡара рацәала. Зықьҩыла ҳџьынџьуаа афронтқәа рҿы еибашьуан, агәымшәареи, ахачҳареи, афырхаҵареи аарԥшны. Урҭ рӷьырак ахақәиҭреи аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рԥеиԥши рхы ақәҵаны азеиԥш Ԥсадгьыл рыхьчеит.

 Иага аамҭа царгьы, иҭахаз хашьҭшьа рымаӡам, урҭ ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит! Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит уаҩ ихаҿы изаамго агәымшәареи ахамеигӡареи аарԥшны, анацизм ԥыххааса иқәызҵаз, адунеи Аиааира азаазгаз аветеранцәа.

 85 шықәса рышьҭахь ҷыдала акраҵанакуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа ахҭысқәа ирызку аҭоурыхтә ҵабырг аиқәырхара. Уи аихшьалақәа реиҭахәаԥшреи, афашизм аилаԥыххаараҿы Асовет Еидгыла ажәларқәа рроль аицакреи, мамзаргьы анацистцәа рыцәгьоурақәа рыриашареи рҽырзышәарақәа ҟалашьа рымамзароуп.

 Аиааира Ду агәалашәара ҳажәларқәа еиднакылоит, еиҭаҳгәаланаршәоит ауаҩытәҩсацәымӷратә идеологиақәеи, амилаҭтә еибамычҳареи, агрессиеи ахҟьа-ԥҟьа бааԥсқәа шырхылҿиаауа. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп анацизм аиҭарҿиара алмыршаразы, аҭынчра аиқәырхаразы, миллионҩыла ауаа рхы зқәырҵаз аҭынчра аиқәырхаразы.

 Иҭахаз афырхацәа рыхьӡ кашәара ақәӡам. Ҳьӡи-ԥшеи рыгымзааит Аиааира ҳзаазгаз абиԥара!»


Read 57 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.