Аусумҭа ӡырган Аԥсны иналукааша ахаҭарақәа рышьҭратә дыргақәа рцәыргақәҵа «Ажәла амч» аҟны. Амузеи аиҭашьақәыргылара анхыркәшахалак ашьҭахь Гәлиаа рышьҭра иазку аекспозициа ҿыц аҿы аҭыԥ ааннакылоит.
сегодня 20:20
Дырмит Гәлиа иҩны амузеи ҳамҭас иаҭоуп Гәлиаа рыжәла иазку ашьҭратә дырга асахьа
Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы асахьаҭыхыҩ Ирма Папасқьыр-Аршба иаԥылҵаз Гәлиаа рыжәла иазку ашьҭратә дырга (тамга) асахьа Дырмит Гәлиа Иҳәынҭқарратә мемориалтә музеи ҳамҭас иарҭеит.






