АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Рашәара.2026

Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа амҩақьыра атариф иартәоит 40 мааҭ

Иахьатәи аамҭазы абылтә аџьармыкьаҿы уажәтәи аҭагылазаашьеи амҩангарақәа рыхәԥса анырра азҭо егьырҭ ахарџьқәеи ҳасаб рзуны, аекономика аминистрра апассаџьыртә мҩангарақәа рзы атарифқәа рыԥсахра ҵаҵӷәыс иамоу анализ азнауеит.

Уажәазы ақалақь аҩныҵҟатәи аныҟәаразы амҩақьыра ахәԥса ашьҭыхразы аӡбара рыдрымкылеит. Азҵаара аминистрраҿы аҭҵаара иаҿуп.

Анализ аихшьаалақәа рыла иаҭахханы иҟалозар иахәҭоу ажәалагалақәа азырхиахоит, урҭ ишьақәыргылоу аԥҟарала, Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахәаԥшуеит.

Ирыдыркылаз аӡбамҭақәа ауаажәларра ирылаҳәахоит аекономика аминистрра аофициалтә каналқәа рҿы.


Read 229 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.