308 шықәсазы ацқьа Василиск Аԥсныҟа дахган, араҟа ауп гәаҟрыла иԥсҭазаара дахьалҵызгьы. Дахьыршьыз аҭыԥ аҿы, Каман ақыҭан иахьа игылоуп амҿтәы уахәама хәыҷы, анкьа еиҳа ижәытәыз ауахәама ахьгылаз аҭыԥан.
Камантәи аберҭыԥ аҿы анцәаимҵаныҳәара ашьҭахь, имҩаԥган ацқьа Василиск иԥсыжырҭа инаркны уи ихьӡала иџьашьахәу аӡыхь ахьыҵыҵуа аҭыԥ аҟынӡа аџьартә ныҟәара.






