Ҩ-республикак рнапхгаҩцәа реиԥылара мҩаԥысит Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҿы. Бадра Гәынба иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны ргәы хыҭ-хыҭуа ишазыԥшу аҿар рфорум аҩбатәи аетап, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи аделегациа Аԥсны иаҭаауеит, абри атәы аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭеилакы апресс-маҵзура.
Ишәгәалаҳаршәоит, афорум актәи аетап мҩаԥысит лаҵарамза 4-8 рзы Нальчик, еиднакылеит ҩ-республикак рҿар, урҭ раԥхьагылаҩцәеи руаажәларратә усзуҩцәеи. Афорум аҩбатәи аетап азыԥхьагәаҭоуп сынтәа, ҭагалан азы, имҩаԥгахоит Аҟәа.






