АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:43

Аҿар рпарламент актәи ааԥхьара адепутатцәа 19-ҩык шьақәыргылоуп

Аусбарҭа ҿыц ахь адепутатцәа ралхразы акомиссиа аилатәараҿы маӡалатәи абжьыҭирала ишьақәыргылан уи аилазаара.

Аҿар рпарламент иалахәхар ҟалоит 18-30 шықәса зхыҵуа, аҵареи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, аспорти, аҿартә политикеи рҟны аихьӡарақәа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа.

Маӡалатәи абжьыҭира аихшьалақәа рыла иалхуп:
• Аҟәа ақалақь аҟынтәи: Аиба Алеқсандр, Арҷелиа Сандро, Ашәба Самеи, Хәаџьаа Даниил, Шамба Екатерина;
• Аҟәа араион аҟынтәи: Минасиан Роберт, Хәарцкьиа Аслан;
• Гәылрыԥшь араион аҟнытә: Козловски Даниил, Ҟәланба Саид;
• Очамчыра араион аҟынтәи: Асабуа Даур, Ӷәынџьиа Алхас;
• Тҟәарчал араион аҟынтәи: Габуниа Аида, Лашәриа Анас;
• Гал араион аҟынтә: Џьумутиа Иракли, Сиргинаа Шьаҳан;
• Гәдоуҭа араион аҟнытә: Агрба Амир, Ҳагба Софиа;
• Гагра араион аҟнытә: Бганба Арифа, Какәбаа Адель.

Акомиссиа аҽазыҟаҵаратә усура ду мҩаԥнагеит. Ҩымз инарзынаԥшуа ицоз азыҳәақәа рыдкылара хыркәшан ажьырныҳәамза 31 рзы. Зынӡа ареспублика зегьы аҟынтәи 63 зыҳәара ыҟан. Аиҿцәажәарақәа реихшьалақәа рыла аицлабра алахәхаразы акандидатцәа алкаан. Маӡалатәи абжьыҭира амҩаԥгаразы заанаҵы еиҿкаан аԥхьаӡаратә комиссиа, уи дахантәаҩын Дауҭ Агрба.


Read 19 times - Ахаша, 03 Рашәара 2026 23:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.