АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 10:46

Акыр иаԥсоу ҳаушьҭымҭацәа!

Иахьатәи амш хашҭра зқәым мшны шәыԥсҭазаараҿы иаанхоит. Шәышьҭахьҟа иншәыжьуеит акыршықәса шәызныз амҩа,аҵарадырреи, аиҩызара бзиеи, аихьӡарақәеи ахьаашәырԥшуаз ашкол ашҭа.

Аԥсны Аҵара аминистрра ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит ашколтә ԥсҭазаара ахыркәшара!
Жәеиза шықәса инеиԥынкыланы, џьабаала аԥынгылақәа шәыриааиуа, ԥхьаҟа адыррақәа рышҟа амҩа шәықәын. Ари имариамыз амҩа анысраҿы ишәарӷьажәҩаны ишәывагылан шәырҵаҩцәа, шәҭаацәа. Урҭ шәара ишәықәгәыӷуан, рдырралеи рԥышәалеи ишәыцхраауан, агәрагьыргон ауадаҩрақәа шәыриааины ԥхьаҟа шәышцоз.

Шәара – шә́ара ззымдырӡо, зыламыс зыԥсырҭоу ажәлар ирхылҵыз, аҭоурых ҵаулеи акультура ҳараки змоу ҳаԥсадгьыл Аԥсны аҿаршәоуп.
Шәаԥхьа иаартуп аҵара лашарахь, адырраҵаулақәа рахь амҩақәа. Шәацәымшәан ашьаҿеихгара, шәырцәымшәан ауадаҩрақәа,шәыжәлари шәыԥсадгьыли ирыхәаша амҩа шәананыло.

Ишәымазааит агәабзиара ӷәӷәа! Ишәыгымхааит аҩызцәа иашақәа! Ишәԥеиԥшзааит аартра дуқәа, аихьӡарақәа! Ашкол аҿы ишәырҳаз адыррақәа шьаҭас иҟалааит шәаԥхьаҟатәи шәеихьӡарақәа рҿы!
Мҩамш, акыр иаԥсоу ҳаушьҭымҭацәа! Шәаԥхьа ишьҭоу аԥышәарақәа рҿы – ақәҿиарақәа! Шәеихьӡарақәеи шәыӡбахә бзиеи ргәышьҭнахлааит шәзааӡаз шәҭаацәа, ишәылаҽхәалааит ишәзааԥсаз шәырҵаҩцәа, шәыԥсадгьыл Аԥсны!
 
Ҳаҭырла, Аԥсны Аҵара аминистр Гәынба Х. В.


Read 19 times - Ахаша, 27 Лаҵара 2026 09:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.