Шәышьҭахьҟа инхеит жәеиза шықәса рыҩныҵҟа имҩаԥысуаз аҵара, уи иадышәҵаз шәааԥсара, раԥхьатәи аиааирақәа, аихьӡарақәа, аартрақәа, аиҩызара иаша, ашкол иадҳәалоу хашҭра зқәым агәалашәарақәа. Шәара зегьы шәзы ари аизҳареи, аԥсҭазаараҿы зыда ԥсыхәа ыҟам аҟазшьа бзиақәа рышьҭкаареи ираамҭахеит. Шәаԥхьаҟа ишьҭоуп азанааҭи, шәхатәы мҩеи ралхра иадҳәалоу иҿыцу, аҭакԥхықәра ду зцу аамҭа.
Шәара шәоуп аԥхьаҟа ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра аԥеиԥш ачаԥареи, аргылареи, арҿиареи, уи аекономика, акультура, аҭҵаарадырра, аҵараиура рырӷәӷәара знапы иану. Аԥсны иаҭахуп аҵара змоу, ахықәкынагӡара зылшо, апатриоттә ааӡара злоу аҿар.
Иахьа ҷыдала акраҵанауеит ҳаамҭазтәи аҵара ианацу ажәлар рҭоурыхи, рмилаҭтә культуреи, рбызшәеи, рдоуҳатә беиарақәеи реиҷаҳара, ҳаҭыр рықәҵара.
Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп шәырҵаҩцәа. Урҭ рдыррақәеи, рычҳареи, рҟәыӷареи, гәык ала рус азнеиреи ирыбзоураны шәара ԥхьаҟатәи шәыԥсҭазаара аусхыр ӷәӷәа азышьҭаҵоуп.
Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, шәара шәааԥсара ахә ашьара уадаҩуп. Агәра ҳгоит шәџьабаа иаԥсаны ишыҟало иеиҵашәааӡаз ҳҿар.
Гәык-ԥсык ала иара убас иҭабуп ҳәа шәасҳәоит акыр иаԥсоу аҭаацәа. Ашкол аҿы аҵара шықәсқәа зегьы раан шәхәыҷқәа ирыдышәҵаз шәааԥсаразы, ианакәзаалак шәахьрыдгылаз, рыгәра ахьыжәгоз, реихьӡарақәа ирыцыз анасыԥ ахьрыцеиҩышәшоз азы.
Акыр иаԥсоу аушьҭымҭацәа!
Ишәзеиӷьасшьоит аихьӡарақәа, аиааирақәа дасу шәнапы злашәкуа аус аҟны, шәгәыхәтәқәа шәрыхьӡааит. Шәдыррақәа, шәҟыбаҩ, шәымч-шәылша есқьынгьы Ҳаԥсадгьыл Аԥсны аизҳазыӷьара иазкызааит!
Мҩамш шәықәлааит!»
сегодня 10:47
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра 2026 шықәсазтәи Аԥсны ашколқәа раушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит
«Акыр иаԥсоу аушьҭымҭацәа!
Ишәыдысныҳәалоит аҵарашықәс ахыркәшареи аԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадоу ахҭысқәа ируаку ашколтә ԥсҭазаара ахыркәшареи.






