Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба идҵала, акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамисониа Тҟәарчал араион даҭааит.
Аныҟәара хықәкыс иаман ақәаршҩы ӷәӷәа иахҟьаны араион аинфраструктура иаиуз аԥхасҭа амҽхак ахәшьара аҭара, иара убас аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы зегь раԥхьа иргылатәу ауснагӡатәқәа разгәаҭара.
Аилацәажәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Демир Гамисониа аҭыԥантәи амчратә усбарҭақәеи, аиқәырхаратә маҵзурақәеи, апрофильтә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа алархәны еиҳа ааха зауз ақыҭақәа гәарҭеит.
Демир Гамсаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит аусурақәа зегьы акапиталтә ргылара аусбарҭа ишымҩақәнаҵо, насгьы Тҟәарчал араион ахадара аус шрыцыруа.
Аиҭашьақәыргыларатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥысшьа Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба хаҭала ахылаԥшра аиҭоит.
сегодня 11:40
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба инапынҵала атәыла мрагыларатәи араионқәа рҿы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусуратә комиссиа аԥҵоуп
Акомиссиа напхгара аиҭоит акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамисониа.






