Араион аҿы иҟоу акәарақәа рхыҵра иахҟьеит аӡы аҵалара. Убри аан Кәыдры аӡиас ақәаршҩы шауазгьы ихымҵит, ԥхасҭагьы ҟанамҵемт. Уи алыршахеит ианаамҭаз аӡыршьҭрақәа ахьрыцқьаз иабзоураны, ари азҵаара атәыла анапхгара ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭон.
Бадра Гәынба Гәылрыԥшь араион анапхгара рнапы ианиҵеит ауааԥсыра ироуз аԥхасҭа иаарласны ирыԥхьаӡарц. Атәыла Ахада ааха зауз ажәа риҭеит аҳәынҭқарра аҟынтәи иахәҭоу ацхыраара шроуа ала.
сегодня 21:43
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ақәоура иахҟьаны аӡхыҵра ахьыҟалаз Гәылрыԥшь араион даҭааит
Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭарҳәеит уажәтәи аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы. Атәыла ахада аҭыԥантәи ауааԥсыреи ақыҭақәа рхадацәеи дрыҿцәажәеит.






