В.Г. Арӡынба ихьӡ зху аибашьра ахьӡ-аԥша Аҳәынҭқарратә музеиа ахыбра инаркны Мархьаул ақыҭанӡа ицон амаланыҟәарныҟәцаҩцәа рымҩа.
Уаҟа амаланыҟәатә еиԥхныҩлара алахәылацәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵаны Аҟәаҟа ихынҳәит.
Амаланыҟәатә еиԥхныҩлара иалахәын 50-ҩык инареиҳаны аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи.
Акциа мҩаԥыргоит абар 13-нтә.
Аҳәынҭқарратә музеиа адиректор Мзиа Беиа алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит, ирзеиӷьалшьеит аҭынчра.
«Ҳабдуцәа рфырхаҵара агәалашәара иааиуа абиԥарақәа ирымаҳдалароуп», – лҳәеит лара.






