АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Лаҵара.2026

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡаҿы иҭахаз ргәаладыршәеит Аҟәа

Диоскураа рыԥшаҳәаҿы Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра, аруаа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, астудентцәеи ашколхәыҷқәеи.

Иахьа Аԥсны инхоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа аа-ҩык , Аџьынџьтәылатә еибашьра ду афронтқәа рҿы еибашьуан 55 нызқьҩык инареиҳаны ҳџьынџьуаа.

17,5 нызқьҩык инареиҳаны аибашьраҿы иҭахеит. Аԥснынтәи 23-ҩык «Асовет Еидгыла Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ рыхҵан.


Read 290 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.