Абри атәы иҳәеит Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба ауаажәларратә проектқәа рзы Урыстәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Журавскии иареи аԥсуа телехәаԥшреи амедиаагентра Sputnik Аԥсни аинтервиу анеицарҭоз.
Аҭӡы ачаԥага хаҳә анамырхуаз иааԥшит урҭ шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара шырҭаху. Иара убасгьы, ақәаршҩытә коллекторқәеи анџьныртә инфраструктуреи нап рылактәхеит. «Имҩаԥгатәхаз арҭ аусурақәа апроект-харџьынҵатә шәҟәы аԥсахрақәа алагалареи Урыстәылатәи Афедерациаҿы агәаҭара ҿыцны ахысреи аҭаххеит. Жәаҳәарада, абарҭқәа зегьы аусурақәа рымҩаԥысшьа ианыԥшуеит, – иҳәеит Агрба, - Лассы-лассы иауа ақәагьы, аусура ацашьаҿы аԥсахрақәа аланагалоит».
Аха ақалақь ахада иажәақәа рыла, аусурақәа рхыркәшара аҿҳәара рацәаны иԥсаххом. Есымза иазыԥхьагәаҭоуп аԥшаҳәа ахәҭа ҿыцқәа гәырӷьарала раартра. Уажәы аусурақәа мҩаԥысуеит Идырым Асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аԥаразоужьра иабзоураны абаҟа ахаҭа аиҭашьақәыргылара хыркәшоуп, апарк иадҳәалоу аусурақәа ракәзар, ихыркәшахоит лаҵарамза анҵәамҭазы.
Аҭагылазаашьа уадаҩуп археологиатә ԥшаарақәа ахьымҩаԥысуа Диоскураа рыԥшаҳәа аҭоурыхтә ҭыԥ аҿы. «Уи акраҵанакуеит ҳақалақь азы, ҳҭоурых азы. Ари архитектуратә баҟоуп, археологцәа ажрақәа мҩаԥыргоит, иуникалтәу артефактқәа рыԥшаауеит»,- ҳәа азгәеиҭеит Агрба. Аҵарауаа – аҭоурыхҭҵааҩцәеи археологцәеи иҟарҵаз аҳәарала иӡбоуп аамҭалатәи амҩасра ҟарҵарц абаа аҵакыра аҟынтәи, археологцәа аԥхын аусуразы алшара рырҭарц азы.
Александр Журавски иазгәеиҭеит аиҭашьақәыргылара ашьҭахь аԥшаҳәа аҳҭнықалақь ауааԥсыра рыбжьы зырҭоз ахаҿра иақәшәо ишыҟало. Аԥшаҳәа аҭоурыхтә ԥшра адагьы еиқәырхахоит аԥсабаратә ландшафт. Аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара алыршахеит Урыстәыла арегионқәеи, урыстәылатәи абизнеси, иара убас аԥснытәи анаплакыҩцәа рыцхыраара иабзоураны.






