АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 12:57

Аԥсны Жәлар Реизара аделегациа усутә визитла Ҭырқәтәыла иҟоуп

Уи аилазаараҿы иҟоуп асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәеи рзы аилак ахантәаҩы Рашида Аиба, адепутатцәа Дмитри Маршьан, Нарсоу Салаҟаиа, Демур Гогьиа, Асҭамыр Џьопуа.

Жәлар Реизара адепутатцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилакы ахаҭарнакцәеи рԥылеит Аԥснытәи акультуратә центрқәа Рфедерациа ахада Иауз Аҭрышбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡбеи. Излацәажәоз тема хаданы иҟан ҳџьынџьуаа рырхынҳәра. Аиԥылара алахәылацәа ихадоу ауснагӡатәқәа жәпакы азгәарҭеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп акультуреи аспорти русхкқәа рҿы ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара, иара убас аҩ-тәылак рҿар амадара рыбжьаҵара. Еиҵагыло абиԥара реимадарақәа рырӷәӷәаразы аделегациеи адиаспора ахаҭарнакцәеи еицырзеиԥшу акультуратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара аԥшьыргеит.


Read 40 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.