АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Мшаҧы.2026

Аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсни Адыгеиеи рнапхгара

Асоциал-економикатә, ахәаахәҭратә, акультуратә усхкқәа рҿы аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсни Адыгеиеи рнапхгара, Кавказтәи аинвестициатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи Адыгеиа ахада Мураҭ Кумпилови.
Аусеицуразы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Адыгеиеи Аԥсни еиуеиԥшым аусхкқәа рыла еицырзеиԥшу апрограммақәеи апроектқәеи рынагӡара иацхраауеит, арҿиаратә коллективқәа реимдара, аҿари егьырҭ ауаажәларратә еиҿкаарақәеи реинырра арҭбаауеит.


Read 25 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.