АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Мшаҧы.2026

Михаил Мишустин Кавказтәи Аинвестициатә форум — 2026 ш. аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра астенд даҭааит

Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра ахантәаҩы Михаил Мишустин Кавказтәи Аинвестициатә форум — 2026ш. аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра астенд даҭааит. Уа иԥылеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи аԥснытәи аделегациа алахәылацәеи.

Астенд агәаҭараан атәыла ахада Михаил Мишустин изеиҭеиҳәеит ареспублика асоциал-економикатә ҿиара арбага хадақәа ртәы. Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо ацхыраара аҵак ду шамоу, иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны ганрацәала иахьадгыло азы.

Ахәҭакахьала, Аҳәынҭқарра ахада, шықәсык аԥхьа аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаартыз Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҵакы змоу алҵшәақәа аанарԥшхьеит ҳәа азгәеиҭеит. Ари аамҭа кьаҿ иалагӡаны иаднакылеит 120 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа, уи ареспублика аекономикатә ҿиаразы акрызҵазкуа факторуп.

Иара убас аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб Аԥсны ҳаамҭа иақәшәо ашьха-шәҩатә курорт аԥҵаразы аинвестициатә проект аӡыргара мҩаԥигеит.
Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра ахантәаҩы Михаил Мишустин ареспубликаҿы имҩаԥысуа аиҭакрақәа рдинамика ахәшьара бзиа аиҭеит.


Read 25 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.