АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 20:19

Ахәыҷы иираан зныктәи аԥаратә цхыраагӡа 42 нызықь мааҭ рҟынӡа ишьҭырхит

Ахәыҷы иираан зныктәи аԥаратә цхыраагӡа 35 нызқь мааҭ рҟынтәи ишьҭырхит 42 нызықь мааҭ рҟынӡа. Аҭаацәа ринститут арӷәӷәареи анра адгылареи хықәкыс иҟаҵаны абри азы аӡбамҭа рыдыркылеит Аԥсны аминистрцәа реилазаара.

Ирыдыркылаз Ақәҵара инақәыршәаны аиҭакрақәа алагалахоит ԥхынҷкәынмза 28, 2011 шықәсазы ишьақәырырӷәӷәаз аусшәҟәы №185 , уи Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Афонд аԥаратә хархәагақәа рҟынтәи ашәатәқәа ршәагаа ҳәаақәҵахоит.

Аҭаацәа руаӡәк, ма рҩыџьагьы аус руазар, лаҵарамза 1 инаркны ахәыҷы иираан иазаҵәу ацхыраагӡа ашәагаа 42 нызықь мааҭ рҟынӡа ишьҭыххоит.

Иарбоу ауснагӡатә атәылауаа рсоциалтә зинқәа рырҿиареи ахәыҷы иинтересқәа рыхьчареи иазырхоуп.
Ақәҵара анагӡара ахылаԥшра мҩаԥнагаларц иадҵоуп Аԥсны асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд.


Read 19 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.