Аԥҟара инақәыршәаны 2026 шықәса лаҵарамза 1 инаркны ахәыҷы шықәсыки бжаки ихыҵаанӡа ихылаԥшра иазыԥҵәо аамҭазы есымзатәи аԥаратә цхыраагӡа ашәагаа 10 нызқь мааҭ артәоит.
Иарбоу ауснагӡатә рыдыркылеит атәылауаа рсоциалтә цхыраара амҽхак аизырҳареи, аҭаацәара аинститут арӷәӷәареи, ахәыҷы иинтересқәа рыхьчареи хықәкыс иҟаҵаны.
Ақәҵара анагӡара ахылаԥшра мҩаԥнагаларц иадҵоуп Аԥсны асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд.
Уаанӡа ареспублика аиҳабыра асоциалтә шәарақәа реизырҳаразы ауснагӡатәқәа жәпакы рыдыркылахьан, ахәыҷы иираан зныктәи аԥаратә цхыраагӡақәеи ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рыцхыраареи рзы иршәо аԥарагьы налаҵаны.
сегодня 20:51
Ахәыҷы шықәсыки бжаки ихыҵаанӡа ихылаԥшразы аԥаратә цхыраагӡа иацҵоуп
2006 шықәсазы ишьақәырӷәӷәаз «Аҳәынҭқарратә социалтә ԥгаԥсала аԥаратә цхыраагӡақәа рыла аиқәыршәаразы» Аԥҟара аԥсахрақәа ралагаларазы ақәҵара аднакылеит Аминистрцәа реилазаара.






