АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 2:32

Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа 50 шықәса ихыҵра азгәеиҭоит!

Алхас Дмитри-иԥа Ҷолокәуа - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университети дроушьҭымҭоуп.

Ажурналистикаҿы ипрофессионалтә мҩа хациркит ААУ аҵара аниҵоз инаркны, 1994 шықәсазы аԥсуа телерадиоеилахәыраҿы аинформациатә программа «Амшеикәшара» акорреспондентс аус иуан. Аԥсышәалеи урысшәалеи арепортиортә усуреи аредактортә усуреи активла еилеигӡон: апрограмма «Аамҭа» арҿиаратә гәыԥ напхгара аиҭон, анаҩс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыраҿы аинформациатә программақәа рредакторс дыҟан.

2005 шықәсазы Алхас Ҷолокәуа атәыла ахада Иусбарҭахь аусура диасит, уаҟа аинформациеи амасса-информациатә хархәагақәеи русбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы аус иуан: Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра ахантәаҩыс, Аԥсны Ахада Иусбарҭаҿы амасса-информациатә хархәагақәа рымадаразы Аусбарҭа аиҳабыс, С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр адиректор хадас.

2024 шықәса нанҳәамза инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥсны Ахада Иусбарҭаҿы амасса-информациатә хархәагақәа аус рыдуларазы Аусбарҭа напхгара аиҭоит, атәыла Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩыс дыҟоуп.
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла Алхас Дмитри-иԥа изеиӷьанашьоит агәабзиара, азанааҭтә қәҿиарақәа, аманшәалара!


Read 96 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.