Аҳәынҭқарра Ахада аӡыршьҭра гәеиҭеит, аспециалистцәа рнапы ианиҵеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны ахьчагатә ӡкы́ра аргыларазы апроект аздырхиарц.
Атәыла Ахада иара убасгьы Гәылрыԥшь араион даҭааит, игәаҭаратә ныҟәарақәа реихшьала ҟаҵо Бадра Гәынба иазгәеиҭеит ақыҭауаа рзы имҩаԥырго аусурақәа рҵакы.
Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит ааԥынразы аӡхыҵрақәа ақыҭанхамҩа ааха ӷәӷәа шанаҭо. Иахьа хықәкы хадас иҟоу анхацәа рџьабаа иахьынӡалшо армариареи иахьылаҵо аҭыԥқәа реиқәырхареи роуп.
вчера 2:31
Иахьа Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭа даҭааит
Ақыҭауаа ааигәа атәыла Ахада иахь аҳәара ҟарҵеит Алӡга аӡиас ақыҭанхамҩатә дгьылқәа рзы иҟанаҵо апроблема иӡбарц.






