Апроект нагӡахоит Самаратәи аобласти Самара ақалақьи алархәны, уи амшын аԥшаҳәа иаԥну аҵакыра шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара иазырхоуп. Сергеи Кириенко иазгәеиҭеит аусурақәа шымҩаԥысуа самаратәи абизнеси ауаажәларратә еиҿкаара «Урыстәыла Афицарцәеи» рхатә аԥшьгарала.
Агәаҭараан ирылацәажәан аиҭашьақәыргылара ахәҭа хадақәа: иӡбан амҩасырҭаҿы ажәытә хаҳәҟьаԥс ықәыргарц, аҵакыра ҳаамҭазтәи аиқәыршәагатә елементқәа рхы иадырхәарц.
Аганқәа инаҵшьны иазгәарҭеит апроект анагӡара аҵак ду шамоу, ирҳәеит аԥшаҳәа арҿыцра Гәдоуҭа ақалақьтә ҭагылазаашьа аҿиараҿы шьаҿа дыны ишыҟало.






