АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 21:07

Аԥсни ПСБ абанки агуманитартә усеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои афинанс-кредиттә усхк аҟны агуманитартә еинырразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ацеремониа рхы аладырхәит.

Аԥсны аганахьала аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, абанк аганахьала — ПСБ ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Михаил Дорофеев.

Аиқәшаҳаҭра асоциалтә ҵакы амоуп, афинанстә хырхарҭақәа рҿы аинырра арҭбаареи иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа рымаҵ аура ахаҭабзиара аизырҳареи ирзырхоуп. Аетап ҿыц иацнаҵоит уаанӡа ихацыркыз аусеицура.

Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәсазы Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аҟәа иҟоу ПСБ ахаҭарнакра иаҭааит, уаҟа Аԥсны инхо урыстәылатәи атәанчаҩцәа рзы абанктә хсаалагақәа рыла реиқәыршәара иалацәажәеит. Ас еиԥш ахсаалагақәа атәылаҿы ирырҭоит 2025 шықәса мшаԥымза 18 инаркны. Иахьазы урыстәылатәи атәанчаҩцәа рҟынтәи 21 нызқьҩык инареиҳаны Урыстәыла Асоциалтә фонд аҟынтәи атәанчахәқәеи асоциалтә шәарақәеи ахьҭарҵо ахсаалагақәа роухьеит.

«Ҵыԥх Владимир Владимир-иԥа иахь аҳәара ҟасҵеит ҳтәанчаҩцәа абри аҩыза алшара рырҭарц азы. Аҭагылазаашьа схы иархәаны имҩаԥыргаз аус ду азы иҭабуп ҳәа сҳәар сҭахын», — иҳәеит Бадра Гәынба.

«Зегьы ирыцкуп ауаа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара, аиҳаракгьы урҭ рықәра ыҟазар», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Сергеи Кириенко.

Афинанстә инфраструктура аҿиареи абанктә маҵзурақәа рымҽхак арҭбаареи атәылауаа рсоциалтә хьчара аҩаӡара шьҭнахуеит, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аекономикатә еинырра арӷәӷәара иацхраауеит.


Read 27 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.