Апоет, алитератураҭҵааҩ, акритик, ажурналист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет – Жәлар Реизара актәи ааԥхьара адепутат, ԥыхьатәи акультура аминистр, ԥыхьатәи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу Владимир Занҭариа иԥсҭазаара далҵит хәажәкырамза 21 рзы.
Уи иусура амилаҭтә литературеи ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаареи рыҿиараҿы ашьҭа ду ааннажьит.
Владимир Занҭариа анышә дамадахоит Очамчыра араион Тамшь ақыҭан .






