АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 12:20

Аекономикатә форум амҩаԥгаразы Аԥсны Ахада дызлахәыз Аиҿкааратә еилакы аилатәара мҩаԥысит

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны уаҵәтәи амш азы аинвестициақәа» азырхиареи амҩаԥгареи рзы Аиҿкааратә еилакы аилатәара мҩаԥигеит.

Атәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит имҩаԥысраны иҟоу афорум астратегиатә ҵакы шамоу, иҳәеит атәыла аекономика аҿиаразы уи аихшьалақәа практикатә шьаҭаны иҟалар ауп ҳәа.

«Афорум алҵшәақәа Аԥсны ԥхьаҟатәи аекономикатә еизҳараҿы имҩақәҵагахароуп», - ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны рнапы зҵарыҩраны иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа рҵакы.

Атәыла ахада Аиҿкааратә Еилакы алахәылацәа азхьаирԥшит афорум азырхиара ҭакԥхықәрала ишазнеитәу.

Аилатәараан аԥыза-министр афорум аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа азы адырра ҟаиҵеит, дазааҭгылеит аусутә программеи, астол гьежьқәеи, ацәыргақәҵатә усмҩаԥгатәқәеи реиҿкаарагьы.


Read 51 times - Аҩаша, 24 Хәажәкыр 2026 10:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.