АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:41

Сынтәа ҭагалантәи-аӡынтәи аамҭахәҭа иалагӡаны афымцалашара аԥкрақәа аламгалаӡакәа имҩасит

Абри атәы иҳәеит Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Ҭемыр Џьынџьал Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба даниацәажәоз.

Уи алыршахеит аԥхынтәи аамҭахәҭа иалагӡаны акоммерциатә фымцалашара аахәареи, аҳасабырбатә мыругақәа рышьақәыргылареи, афымцамч ахәԥса аизгара аизырҳареи, Урыстәылантәи хәыдаԥсадатәи асоциалтә цхыраара аашьҭреи ирыбзоураны.

«Ааи , уи "Амшынеиқәафымцамч" азы еиԥш, ҳреспублика азгьы ахәԥса ҳаракхеит. Ус шакәугьы, зегь раԥхьаӡа иргыланы анапынҵа ҟашәҵеит еиԥҟьарада ауааԥсыра фымцалашарала реиқәыршәаразы, ҳара инаҳагӡеит ари адҵа», – иҳәеит Ҭемыр Џьынџьал.

Уажәы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор иажәақәа рыла, аенергетикцәа рҿаԥхьа иқәгылоу дҵоуп 2027 шықәса алагамҭаз аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара еиҳахарц азы ЕгрыГЕС аус ауразы аплан ашьақәыргылара.

Уи азы «Амшынеиқәафымцамч» ԥхынгәымза инаркны акоммерциатә фымцалашара аахәара азԥхьагәанаҭоит.

«Афинанс аганахьала уи ахәԥса рацәоуп, аха ус шакәугьы, ҳауаажәлар иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵаразы урҭ ашьаҿақәа ҟаҵатәуп», – иҳәеит Џьынџьал

Иахьазы Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы зықьы инарзынаԥшуа аҳасабырбаратә мыругақәа шьақәыргылоуп. Иара убасгьы афымцатә цәаҳәақәа рырҿыцра иаҿуп, уи афымцатә цәыӡ акырӡа иармаҷуеит, ауааԥсыра афымцалашара рыҭара ахаҭабзиара еиӷьнатәуеит.


Read 96 times - Ахәаша, 06 Хәажәкыр 2026 16:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.