АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:41

Аахыҵ-Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ҭелла диацәажәеит

Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Аԥсны аҳаиртә ҵакыраҿы хыԥхьаӡара рацәа ирбеит ҳәа адыррақәа анцәырҵ ашьҭахь Аахыҵ-Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ҭелла диацәажәеит.

Алан Гаглоев Аԥснытәи иколлега хаҭала дизасит аҭагылазаашьа ҭиҵаарц азы, абри атәы аанацҳауеит Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада идаҟьа.

Уи иҳәеит Аԥсны анапхгареи ажәлари адгылара шриҭо, иазгәеиҭеит Аахыҵ Уаԥстәыла аҭагылазаашьа амҩаԥысшьа хшыҩзышьҭра аҭаны ишацклаԥшуа, аиашьаратә республика адгылара шарҭо.


Read 111 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.