Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Адоктор Шаталов ихьӡ зху Арегионалбжьаратәи зтехнологиа ҳараку абла амикрохирургиа адиагностикатә комплекс 15 усуратә мшы рыла 1287-ҩык рыблабара адиагностика мҩаԥыргеит, ҳәа иаанацҳауеит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Зегьы реиҳа ауаа рыблабара гәарҭеит цәыббрамза 27 - 29 рзы Очамчыра ақалақь аҿы– 250 – ҩык.
Очамчыра араион Кындыӷ, Тамшь, Кәтол, Ҷлоу ақыҭақәа рҿы цәыббрамза 30 инаркны жьҳаарамза 2-нӡа 195-ҩык апациентцәа рыблабара гәарҭеит.
Ҭҟәарчал ақалақь аҿы жьҭаарамза 3 – 5 рзы 292-ҩык апациентцәа рыблабара адиагнотика мҩаԥган.
Гал ақалақь аҿы жьҭаарамза 6 – 7рзы 15 -- ҩык апациентцәа рыблабара адиагнотика мҩаԥган.
Цандрыԥшь аҳаблаҿы жьҭаарамза 17 рзы игәарҭеит 110-ҩык.
Гагра ақалақь аҿы жьҭаарамза 18 - 19 рзы игәарҭеит 180 -ҩык. Жьҭаарамза 20 рзы Пицунда ақалақь аҿы рыблабара адиагностика иахысит 109-ҩык.
Аиҳараҩык апациентцәа рҿы иаарԥшын катаракта, гиперметропиа (ахарабара), миопиа (хара амбара), астигматизм, пресбиопиа, глаукома ҳәа изышьҭоу аблачымазарақәа. Ахирургиатә хәышәтәра зҭаху абла акаҭара апаталогиа иадҳәалоу ачымазарақәа аарԥшын.