АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 15:03

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба жәпаҩык ажурналистцәа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит

Аҧсны аинформациа амассатә хархәагақәа русзуҩцәа рымш ныҳәа аҽны Аҧсны Ахада Бадра Гәынба аусҧҟақәа инапы рыҵаиҩит гәыҧҩык ажурналистцәеи, аинформациа амассатә хархәагақәа русзуҩцәеи аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵаразы.

Шықәсырацәала Гагратәи араионтә телехәаҧшра қәҿиарала напхгара ахьаиҭоз азы «Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист» ҳәа ахьӡ ихҵоуп Рустан Конџьариа.

Акыр шықәса инеиҧынкылан лыҵәабзиала русуаразы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:

Владимир Попов АРТФ «Аҧсныпресс» адиректор;

Мидеа Лакоба– агазеҭ «Аҧсны» аусзуҩ.

Шықәсырацәала, ҟазара ҳаракыла аинформациа амассатә хархәагақәаа рҿы русуразы «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:

Роберт Џьопуа Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усбарҭа
«Аҧснымедиа» адиректор хада;

Илана Казанба– ажурналист;

Алиас Корсаиа– Аҧсуа радио адиректор;

Белла Барцыц – ажурналист;

Валери Орчыҟәба– ажурналист;

Саида Жьиба– ажурналист.


Read 38 times - Ахәаша, 27 Жәабран 2026 13:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.