АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 15:03

Аҧыза-министр Владимир Делба Аҧсны аинформациатә-массатә хархәагақәа русзуҩцәа рымш ныҳәа рыдиныҳәалеит

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Акыр иаҧсоу Аҧсны аинформациатә хархәагақәа русзуҩцәа!

Ишәыдысныҳәалоит Амилаҭтә кьыҧхьи аинфомациатә-массатә хархәагақәеи рымш.
Ари арыцхә адҳәалоуп аҧсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа редакторс дызмаз раҧхьатәи аҧсуа газет «Аҧсны» актәи аномер аҭыҵра. Уи инаркны иалагеит аҧсуа журналистика аҭоурых.

Аҧсны ажурналистика амаҵ азызуаз есымша пату рықәын, аҧсуа жәлар ирылагылан, рхьаа рдыруан. Иарбан аамҭазаалакгьы Аҳәынҭқарра аргылараҿы рлагала дууп.

Аҧсны аибашьра ианҭагылазгьы аҧсуа журналистцәа адунеи иаладырҵәон аиаша, ирацәаҩуп абџьар кны аӷа иҿагылазгьы. Зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ргәалашәара наунагӡа иаанхоит.
Иахьагьы ажурналистцәа аҳәынҭқарраҿы имҩаҧысуа апроцессқәа шәрылагылоуп, шәыжәлар рымаҵ жәуеит.

Ҳаҭыр зқәу аинформациатә хархәагақәа русзуҩцәа. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәааҧсаразы.

Ишәзеиӷьасшьоит шәнапы злаку аус аҿы ақәҿиарақәа, аҧсҭазаараҿы аманшәалара».


Read 30 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.