АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Жәабран.2026

Ақыҭа аҿиаразы акраҵанакуеит зхаҭабзиара ҳараку асоциалтә ҭагылазаашьақәа раԥҵара

Абри аҩыза агәаанагара лҳәеит Омсктәи атәылаҿацә асоциалтә усхк аинновациатә центр анапхгаҩы Ирина Сербина, Ауаажәларратә Палатаҿы имҩаԥысуа аилацәажәара аҟны лықәгылараан.

Лара зымҽхак ҭбаау абиуџьеттә ргыларақәа рҭыԥан асоциалтә усхкы ахархәаразы ажәалагала ҟалҵеит:

«Иҭацәу амуниципалтә хыбрақәа рҿы ахәыҷбаҳчақәеи апансионатқәеи аԥҵазар, ауаа аусурҭатә ҭыԥқәа рзы уадаҩра рызцәырҵуам».

Уи лгәаанагарала, ақыҭақәа рырҿиаразы, урҭ рхадацәа азыҟаҵара бзиа рҭахуп, агранттә система иалагалатәуп. Аҭыԥқәа рҿы иҟоу анапхгаҩцәа асоциалтә проектҟаҵара амыругақәа рнапыҿы ианааргалак, еиуеиԥшым аусбарҭақәа рылшарақәа рхы иадырхәо иалагоит – афинансқәа рминистрра аҟынтәи аџьа аминистрра аҟынӡа.

«Абасала, ақыҭанхамҩа аҿиара апроблема зцу ахырхарҭа аҟынтәи, иҭышәынтәалоу, аекономикатә хашәалахәу злоу амилаҭтә проект аформат ахь ииасуеит».


Read 263 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.