АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Жәабран.2026

Аԥсны иҭрыжьит х-бызшәак рыла ишьақәгылоу амедицинатә жәар

Аҟәа иҭыҵит «Аурыс-алаҭын-аԥсуа медицинатә терминқәа ржәар». Уи авторс дамоуп Аԥсны Афырхаҵа, аамҭак азы Аԥсны агәабзиарахьчара министрс иҟаз, аԥҟаҩы Аполлон Гәыргәлиа.

Аҭыжьымҭазы иазкны:

ажәар шьақәгылоуп 20 нызқь инареиҳаны атерминқәа рыла. Автор ашәҟәы аус адиулон жәашықәсала;

аҭыжьымҭа иагәылалеит ажәлар рмедицина аҟынтәи лассы-лассы иуԥымло ахьӡқәа, урҭ автор аиҳабыратә абиԥара рхаҭарнакцәа ражәабжьқәа рыла еиҭашьақәиргылеит;

ажәар иаанарԥшуеит аԥсуа бызшәа иамоу алшарақәа.

Ашәҟәы аҳақьымцәа, амедицинатә ҵараиурҭақәа рыстудентцәа, алингвистцәа рзы ицхыраагӡаны иҟалоит.

«Ари аҳәынҭқарратә бызшәа астатус арӷәӷәараҿы ифундаменталтәу лагалоуп», – ҳәа иҳәеит аҭыжьымҭа арецензент, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Владимир Занҭариа.


Read 366 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.