АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 0:34

Бадра Гәынба: «Ҳара ауадаҩрақәа рыӡбахә аҳәара адагьы, урҭ раԥыхразы ашьаҿақәа ҟаҳҵоит»

«Ауаажәларра фымцалашарала реиқәыршәара атәыла анапхгара ахықәкы хадақәа иреиуоуп, уи ахырхарҭа есыҽны аус адаҳулоит», – ҳәа иҳәеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Гәылрыԥшь араион аҿы имҩаԥысуаз аилатәараҿы.

Ишдыру еиԥш, 2016 шықәса раахыс Аԥсны афымцамч азхом. ЕгрыГЕС иҳанаҭоу афымцалашара амҽхак маҷуп.

«Есышықәсатәи афымцамч азымхара 700 млн киловатт-сааҭк рҟынӡа инаӡоит. Ари аҳәынҭқарратә биуџьет азы даараӡа ирацәоуп, макьаназы ахатәы мчқәа рыла инагӡаны ахә ахшәаара залшом», – ҳәа азгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара асоциалтә фымцамч ахьаҳзаарышьҭуа азы.

«Ҳара еилаҳкаауеит ари ацхыраара ҵыхәаԥҵәарада ишыҟамло. Убри аҟынтә хықәкыс иҳамоу ҳхатәы енергетикатә усхкы ашьақәгылареи аҿиареи рзы аҭагылазаашьа аԥҵара ауп. Уи аганахьала ихадароу шьаҿаны иҟалеит аԥхьаӡагақәа ахархәара рзыура: ҳазҭоу ашықәс азы иазԥхьагәаҭоуп 60 нызықь рҟынӡа аԥхьаӡагатә мыругақәа рышьақәыргылара», – иҳәеит Гәынба.
Апрактика ишаҳнарбо ала, аԥхьаӡагатә мыругақәа ахьышьақәыргылоу араионқәа рҿы афымцамч ахархәара 30% рҟынӡа илаҟәуеит, ашәатәқәа реизгара 80% рҟынӡа еизҳауеит.

«Ас еиԥш иҟоу арбагақәа ирыбзоураны иҳалшоит ҳтәылаҿы афымцалашара азҵаара аӡбара», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы араионқәа рыҿиара атемагьы дазааҭгылеит.

«Араионқәа рҿы ауадаҩрақәа маҷӡам. Еиҳарак ақыҭанхамҩаҿы иҟоу аҭагылазаашьа ҳасаб азуны, сынтәа аарыхыҩцәа рганахьала иҟоу адгылара ҳарӷәӷәарц ҳаӡбеит. Ақыҭанхамҩа аҿиаразы аҳәынҭқарратә программа афинанстә ҩаӡара миллиардки бжаки рҟынӡа инаӡеит. Жәаҳәарада, иарбоу аԥаратә хархәагақәа макьаназы иазхом, аха араҟа хадара злоу акакәны иҟоуп раԥхьатәи ашьаҿақәа реицыҟаҵара. Ҳара ауадаҩрақәа рыӡбахә аҳәара адагьы, урҭ раԥыхразы ашьаҿақәа ҟаҳҵоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.


Read 90 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.