АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 2:03

Аԥсны агәабзиарахьчара асистемаҿы акадрқәа азхом

Абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алиса Матуа иҟалҵаз адыррақәа рыла, Аԥсны агәабзиарахьчара асистемаҿы акадрқәа разымхара иадҳәалоу ауадаҩрақәа рацәоуп.

«Ари азҵаара аӡбаразы иазоужьуп афинанстә цхыраара. Уи иабзоураны
Аԥснынтәи аҿар аҳәаанырцә аҵара рҵоит. 55-ҩык астудентцәеи 48-ҩык аординаторцәеи иахәҭоу азанааҭқәа рыла рдыррақәа еиздырҳауеит. Аха агәабзиарахьчара асистемаҿы иҟаҵаз аиҭакрақәа ирыхҟьаны аҳақьым изанааҭ зманы ихынҳәуа усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара ауадаҩрақәа цәырнагоит. Ари азҵаара аӡбаразы иааиԥмырҟьаӡакәа Урыстәылантәи аспециалистцәа радԥхьалара азҵаара хшыҩзышьҭра арҭоит», – лҳәеит Алиса Матуа астол гьежь аҿы.

Матуа лажәақәа рыла, араионқәа рҿы аусура еиҳа иаднаԥхьалаларц азы аусуратә ҭагылазаашьа аиӷьтәра аҭахуп.

«Агәабзиарахьчара азҵаара комплексла иазнеитәуп, иазыҟаҵалатәуп аҭыԥантәи аҳақьымцәа, жәларбжьаратәи аԥышәа ахархәара аҭалатәуп », – ҳәа лҳәеит лара.


Read 130 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.