Аминистрцәа Реилазаара, араионқәеи Аҟәа ақалақьи рхадарақәа, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, агәабзиарахьчара Аминистрра, аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрреи, иара убас аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа, атәылауаа арратә маҵзура ахь ааԥхьара рыҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа ишахәҭоу ала амҩаԥгара ахылаԥшра аҭара азы анапынҵақәа рыҭахоит.
20.Жьҭаара.2022
Аминистрцәа Реилазаара, араионқәеи Аҟәа ақалақьи рхадарақәа атәылауаа арратә маҵзура ахь ааԥхьара рыҭареи ԥхьатәара рышьҭреи иазку аусмҩаԥгатәқәа ишахәҭоу ала амҩаԥгара ахылаԥшра аҭара азы анапынҵақәа рыҭахоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб «Жьҭаарамза-ԥхынҷкәынмза 2022 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзура ахь ааԥхьара рыҭара азы» аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара №153 инапы аҵаиҩит.