АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 16:32

Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Инар Ладариа Краснодартәи атәылаҿацә Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа дырԥылеит

Аделегациа напхгара азылуан амедиакоммуникациақәа русхк аҟны анаплакразы аилак ахантәаҩы Елена Ретинских.

«Ҳекономика ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп Урыстәылеи ҳареи ҳусеицура, иарбанызаалак аԥшьгарақәа рылацәажәаразы ҳаартуп, ҳалшарақәа рҳәаа иҭагӡаны ганрацәала ацхыраара аҟаҵара ҳазхиоуп», – ҳәа азгәеиҭеит Инар Ладариа.

Ирылацәажәан Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аусеицура аҿиара ахырхарҭа хадақәа, анаплакыҩцәа адгылара рыҭаразы апроектқәа. Аус зуа аиқәшаҳаҭра аҵак ду шамоу азгәарҭеит, аусеицуразы анаҩстәи ашьаҿақәа ирылацәажәеит.

Аиԥылара ихы алаирхәит Урыстәыла акультура аусзуҩ, акинопродиусер Едуард Суворов.


Read 28 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.