Аҭҵаарадырраҿы шьарда илиршахеит. Иҭижьхьеит акымкәа-ҩбамкәа ашәҟәқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп «Иусумҭақәа реизга» (быжьтомкны). Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутас далырххьеит хынтә. Дыҟан Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабыс.
Ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара.
сегодня 11:12
Февраль 10 рзы 85 шықәса ихыҵит академик Валери Кәарҷиа
Аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аветеран Валери Ермеи-иԥа Кәарҷиа 85 шықәса ихыҵит.






